Арадио

Гогьиаԥҳа: ауалафахәы зда ԥсыхәа ыҟам мызчарак еиҵамзароуп, аха изалымшацт

Аԥсны аҳәынҭқарра ахыԥхьаӡара еихшьааларҭатә еилакы ахантәаҩы Кама Гогьиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит зда ԥсыхәа ыҟам мызчарак шышьақәдыргыло атәы.
Sputnik

2021 шықәса ажьырныҳәа 1 азы зда ԥсыхәа ыҟам ауаҩы ихныҟәгага мызкы иартәеит 7 нызқьи 398 мааҭ.

 

Гогьиаԥҳа: ауалафахәы зда ԥсыхәа ыҟам мызчарак еиҵамзароуп, аха изалымшацт

"Аԥсны мызчарак ахыԥхьаӡара аилкааразы Урыстәыла Краснодартәи атәылаҿацә, Адыгатәыла ирымоу аметодика ҳхы иаҳархәоит ҳаргьы. Мызчарак иалоуп ауаҩы аԥсымышьҭыгазы иифараны иҟоу 35 хкы афатәқәа. Урҭ рыдагьы ааглыхратә тауарқәа, убасгьы алашара, ауадазы амаҵзуратә шәахтәқәа уҳәа. Арҭ зегьы еилаҵаны зда ԥсыхәа ыҟам аныхтәқәа идыртәо ахә ҟалоит. Афатәқәа ари ахә аҟынтәи 5 нызқьи 60 мааҭ дыртәоит, егьырҭ атауарқәа 1450 мааҭ, ашәахтәқәеи егьырҭ амаҵзуратә хшәаатәқәеи 887 мааҭ. Зда ԥсыхәа ыҟам мызчарак еиҵаны иҟамзароуп ауалафахәы. 2017 шықәсазы апарламент аҟны аџьаус азы азакәан ҿыц рыдыркылеит. Уаҟа иарбоуп ианар 1, 2018 шықәса инаркны мызчарак зда ԥсыхәа ыҟам аныхтәқәа иреиҵамзароуп ҳәа. Ус шакәугьы, иахьагьы иҟоуп зуалафахәы мызчарак аасҭа еиҵоу", - лҳәеит Гогьиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: