Аԥсни Урыстәылеи рыруаа аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган Аԥсни Урыстәылеи рыруаа еиуеиԥшым азыхиарақәа раан реицхымҩаԥгашьа ахәшьара аҭаразы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Хнызқьҩык инарзынаԥшуа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ арратә база аррамаҵзурауааи Аԥсны Аҳәынҭқарра арратә мчра аррамаҵзурауааи аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Агәыԥ Аԥсны имҩаԥыргеит иаалырҟьаны ашьхараҿи амшын иахьаԥнуи аҭыԥқәа рҿы арратә техникеи аџьаԥҳани разырхиара, аматериал хархәагақәеи азынџьаԥҳани реиқәыршәара.

Еицырзеиԥшу аусдҵа анагӡашьа ахылаԥшра арҭон аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәа рхархәарала.

Иааидкыланы ауснагӡатә иалахәын 500 ак арратә техника, атанкқәа Т-72Б3, акәылӡытранспортиорқәа БТР-82А, акәылӡыавтомашьынақәа "Тигр" уҳәа арратә машьынақәа жәпакы.