Урыстәыла аҵараиурҭақәа жәабран 8 рынахыс латәаратәи аҵара иазыхынҳәуеит

Аректорцәа анапынҵақәа рыҭоуп ауниверситетқәеи аинститутқәеи астудентцәа рыдкылара иаздырхиарц, иара убасгьы коронавирус аламырҵәаразы аусқәа еиҿыркаарц.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Урыстәыла аҵараиурҭақәа жәабран 8 рынахыс латәаратәи аҵара иазыхынҳәуеит Роспотребнадзор аҵакыратә усбарҭақәа рақәшаҳаҭрала ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Аҵара аминистрра адҵа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Адҵа амчра аиуеит жәабран 7 рзы аха аҵараиурҭақәа русура аартхоит ашәахьа, жәабран 8 рзы.

Аректорцәа анапынҵақәа рыҭоуп ауниверситетқәеи аинститутқәеи астудентцәа рыдкылара иаздырхиарц, иара убасгьы коронавирус аламырҵәаразы аусқәа еиҿыркаарц.

Зегьы асабрадақәа ныҟәыргалароуп, асоциалтә дистанциа азгәарҭалароуп. Ахыбрақәа, акрыфарҭақәа рыҩналарҭаҟны арзҩыдагақәа ықәдыргылоит, ашоура ршәалоит, аинфекциатә ҟазшьа змоу ҩнарыжьлом. Аԥсшьараамҭақәа раан аудиториақәа аԥша рыҩнадырсуеит.

Москвеи Санкт-Петербурги рҵараиурҭақәа адистанциатә ҵарахь ииаргеит

Адокумент аҿы иазгәаҭоуп аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еицәахар аԥкырақәа ишырзыхынҳәуа.

Аминистрраҿы иазгәарҭеит аҵараҵара атрадициатә формат азыхынҳәра  Аҵара аминистр Валери Фальков имҩаԥигаз Урыстәылатәи аректорцәа рхеилак аилатәараҿ еиҳа азхьаԥшра змаз зҵаараны ишыҟаз. Фальков иара убасгьы иазгәеиҭеит аҳәаанырцәтәи астудентцәа  аҵаратә процесс инарҭбааны ралархәра шалшо аԥкырақәа анаԥырхлак ашьҭахь.

Уажәы аҵараиурҭақәа Роспотребнадзор абжьгарақәа – латәаратәи-латәарадатәии латәарадатәии аформақәа ирҭоу астудентцәа адистанциатә ҵарахь риагареи 65 шықәса ирҭысхьоуи ачымазарақәа зцәа иалоуи арҵаҩцәа русура аамҭала аанкылареи – ирықәныҟәоит.