Аԥсны атуризм аминистр усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит

Аусутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи атуристтә фирмақәа рхаҭарнакцәа рԥылара мҩаԥгахоит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Хышба диԥылеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, ирылацәажәеит атуризм аусхк аҟны аҭагылазаашьа, аҿиара аԥеиԥшқәа рызҵаара.

Иҷыдоу азхьаԥшра аминистр ириҭоит атуризм аусхк аинвесторцәа радыԥхьалара.

"Аҳәынҭқарра иалшо зегь ҟанаҵароуп иманшәалоу аинвистициатә климати ашәахтәшәаратә режими раԥҵаразы", - азгәеиҭеит Хышба.

2020 шықәсазы Аԥсны атуристтә сезон нанҳәа 1 азы иалагеит апандемиа иахырҟьаны. 2020 шықәса нанҳәамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмзанӡа Аԥсны иаҭааит 600 000-ҩык атуристцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: