"Спутник V" ауааԥсыра рзыҟаҵара иалагараны иҟоуп Донецктәи Жәлар рреспубликаҿы

Акороновирустә инфекциа хызҽуа зқьыла алаҵа нашьҭуп Донецктәи Жәлар рреспубликахь.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Алаҵа "Спутник V" ауааԥсыра рзыҟаҵара иалагараны иҟоуп Донецктәи Жәлар рреспубликаҿы ашәахьа инаркны ҳәа аҩуеит РИА Новости, Донецктәи Жәлар рреспублика агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Александр Опришьченко иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Иахьа алаҵа еихшаны алаҵаҟаҵарҭа кабинетқәа рахь инагахоит. Ареспубликаҿы зынӡа 38 кабинет ыҟоуп. Ари апартиа гәаҭаратә партиоуп азы, Донецк ақалақь алаҵаҟаҵарҭатә кабинетқәа 10 ирзеихаҳшарц ҳаӡбеит. Уаҵәы асааҭ 15:00 инаркны ауснагӡатә иалагоит", - ҳәа иҳәеит Опришьченко.

Алаҵа "Спутник V" ҩымчыбжь рыҩныҵҟа 25 тәыла рҿы ашәҟәы иҭаргалоит

Адунеи аҟны раԥхьатәи ашәҟәы иҭагалоу алаҵа "Спутник V" ахьӡырҵеит. Алаҵа аус адулан Гамалеиа ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Массала ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵара Урыстәыла иалагеит ԥхынҷкәынмза алагамҭазы. Аденовирустә вектор шьаҭас измоу алаҵа нанҳәа 11 рзы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит. "Спутник V" алаҵаҟаҵара иазԥхьагәанаҭоит ҩ-компонентк ралагалара, хымчыбжь-хымчыбжь рыбжьаҵаны. "Спутник V" хра амоуп 90 процент, алаҵа иныҭкааны аҿагылара мҩаԥнагоит.

"Спутник V" Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп 2021 шықәса ажьырныҳәа анҵәамҭеи жәабран алагамҭеи рзы ҳәа ателеканал RT иазеиҭеиҳәеит ареспублика ахада Аслан Бжьаниа. Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҟны атәыла ахада иҳәеит ареспублика ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵара иалагараны ишыҟоу.

2020 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны аҳәара ҟанаҵеит "Спутник-V" 20 нызқь доза Аԥсныҟа иаашьҭызарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: