АҞӘА, ажьырныҳәа 23-Sputnik. Ҭырқәтәыла алаҵа "Спутник V" аҭыжьра иалагоит, абри атәы РИА Новости иазеиҭарҳәеит аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд аҟны.
Афонди ҭырқәтәылатәи афармацевтцзеи аиқәшаҳатра рыбжьарҵеит.
Иазгәаҭоуп, шықәсык "Спутник V" миллион доза рҟынӡа иҭрыжьлоит ҳәа.
Нанҳәамзазы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа. Алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Хьӡыс иаҭан "Спутник V". Алаҵа ҩ-хкыкны еилоуп, хымчыбжь бжьаҵаны ҩынтәны иудукылароуп.
"Спутник V" Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп 2021 шықәса ажьырныҳәа анҵәамҭеи жәабран алагамҭеи рзы ҳәа ателеканал RT иазеиҭеиҳәеит ареспублика ахада Аслан Бжьаниа.
2020 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны аҳәара ҟанаҵеит "Спутник-V" 20 нызқь доза Аԥсныҟа иаашьҭызарц.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: