ААО аррамаҵзурауаа Аԥсны аԥырҩы дызҭам "аӷа" иԥрыгақәа карыжьит

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын Аладатәи арратә округ иатәу 500-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 150 ак арратәи иҷыдоуи атехника.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә окрун амотохысцәеи артеллиристцәеи аԥырҩы дызҭам "аӷа" иԥрыгақәа карыжьит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа Амшынеиқәа аҵакыраҿы "аӷа" иракетақәа ҭадырхеит

Арратә напхгараҭаратә пунктқәа аԥырҩы дызҭам "аӷа" иԥрыгақәа ржәылара ацәыхьчаразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит Амшынеиқәа аԥшаҳәеи ашьхареи рҟны.

Аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи ррасчотқәа  БЛА "Орлан-10" (аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәа) "аӷа" ицәҟьарақәа рроль нарыгӡон, адгьылтә радиоелектронтә ҿагылареи аҳауаҽацәыхьчаратә комплексқәеи рҿагылара еиҿкаауа.

Аҽазыҟаҵара шазыԥхьагәаҭаз ала адгьылтә радиоелектронтә ҿагылара аҟәшақәа имҩаԥыргеит илаҟәны иԥыруаз ацәҟьа маҷқәа рыԥшаареи рымҩаԥгареи, ПЗРК "Стрела-10" арасчотқәа урҭ ҭадырхон.

Комплексла адгьылтә радиоелектронтә ҿагылара акомплексқәеи аҳауаҽацәыхьчаратә комплексқәеи шәарҭарыда робиектқәа аҳауаҟынтәи ажәылара иацәырыхьчон, амотохысцәа ракәзаргьы арратә напхгараҭара апунктқәа рыхьчара дырӷәӷәон.