АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 511-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 56-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 107-ҩык, урҭ рахьтә 92-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 34-ҩык, ибжьаратәуп - 53-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 32-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 19-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 7-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 32-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 42-ҩык апациентцәа.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>