Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы ашьақар аконтрабанда аиагара еиԥырҟьоуп

Иҟаз ахҭыс аганахь ала административтә зинеилагара ҳәа аус хацыркуп. Ашәҟәы иҭагаламыз атауар рымхын, аекспертизахь инашьҭын.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. 8 тоннак рҟынӡа ашьақар шәҟәы ацӡамкәа иааныркылеит урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа аурыс-аԥсуа ҳәааҿы агәаҭарақәа рааан ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақьтә маҵзура апресс-маҵзура.

Атауар аҳәаа иахыргон автомашьына VOLVO ала Урыстәылантәи Аԥсныҟа. Атауар амҩаԥгаратә документқәа рҿы иарбан аидара акапан –22000 кьыла. Ашьақар асакьқәа ирҭаԥсан. Адокументқәа ирықәыршәаны 440 сакь ыҟазар акәын.

Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы ашьақар аконтрабанда аиагара еиԥырҟьоуп

Агәаҭараан амобил-инспекциатә гәаҭаратә комплекс иаанарԥшит аҽа 164 сакь (8200 кьыла) ашьақар аҟазаара. Уи адагьы амаҭәахәқәа рыҵәахырҭаҿы иаарԥшын ашьапымаҭәа зҭаз 11 ҭра (55 амагәқәа).

Абасала аҳазалхратә усбарҭа иадгалан ииашамыз адокументқәа. Уи ЕАЕС аҳазалхратә закәанԥҵара аилагароуп иаанаго. Ашәҟәы иҭагаламыз атауар рымхын, аекспертизахь инашьҭын.

Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы ашьақар аконтрабанда аиагара еиԥырҟьоуп

Иҟаз ахҭыс аганахь ала административтә зинеилагара ҳәа аус хацыркуп: Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 16.2 ахәҭа 1; ахәҭаҷ 16.1 ахәҭа 3 рыла (ашәҟәы иҭагалам атауар азы административтә ҭакԥхықәра, ииашамкәа атауар ашәҟәы аҭагалара). Имҩаԥысуеит административтә усҭҵаара.