Аусуцәа ЕгрыГЕС атоннель акылҵәареи ацементркреи иалагеит

ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҿы аремонттә усурақәа ирылагеит ажьырныҳәа 24 рзы. Афымцастанциа мшаԥымза нҵәаанӡа аус ауам.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҿы аремонттә усурақәа аграфик ишарбо ала имҩаԥысуеит, иазыԥхьагәаҭамыз ҭагылазаашьак ыҟам ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ЕгрыГЕС анапхгара ахантәаҩы Леван Мебониа.

Иара иҳәеит ҩымш раԥхьа атоннель акылҵәареи ацементркреи ишалагаз. Мебониа иажәақәа рыла аӡыцәцара иахҟьаны шықәсык ахь 250 миллион киловатт сааҭ ыӡуан.

ЕгрыГЕС атоннель аремонт азура иалагеит

"Бжьаратәла Аԥсны мызкы аҩныҵҟа 300 миллион киловатт сааҭ ахы ианархәоит. 250 миллион киловатт – ари хыԥхьаӡара дууп. Ацәыӡ адеривациатә тоннель ауашәшәырра ауп изыхҟьоз",- иҳәеит иара.

ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҿы аремонттә усурақәа ирылагеит ажьырныҳәа 24 рзы. Афымцастанциа мшаԥымза нҵәаанӡа аус ауам.

ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҵыхәтәантәи аремонт мҩаԥган 15 шықәса раԥхьа, 2006 шықәса рзы. Аиҭашьақәыргылара мҩаԥнагоит ақырҭуа ргыларатә еилахәыра, анемец ҟазауаа рыпроект ала. Ҩ- километраки бжаки иҟоу ахәҭа аремонт азутәуп. Зынӡа атоннель аура 15 километра иҟоуп.

ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҿы аремонттә усурақәа цонаҵы Аԥсны Урыстәылантәи афымцалашара аиуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: