Акоронавирус рыдырбалеит даҽа 64-ҩык Аԥсны атәылауаа, аӡәы иԥсҭазаара далҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11684-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 10334-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 179-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 464-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 64-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иара убас акоронавирус злаз пациентк иԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи аковид-хәышәтәырҭаҿы. Иара идбалан иӷәӷәаны илаҽыз акоронавирустә инфекциа ҿыц, иара убас ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра. Изымҩаԥыргоз атерапиа иахьмырԥшкәа иара жәабран 2 рзы иԥсҭазаара далҵит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 107-ҩык, урҭ рахьтә 93-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 31-ҩык, ибжьаратәуп - 53-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 31-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 18-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 8-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 38-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 32-ҩык апациентцәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11684-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 10334-а, рыԥсҭазаара иалҵит 179-ҩык.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>