Ачымазара ҿкы COVID-19 иԥсҭазаара ҿахнаҵәеит апоет, ашәҟәыҩҩы, апублицист, арҵаҩы, Аԥсни Урыстәылеи ажурналистцәа реидгылақәа ирылахәыз, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Терент Ҷаниа.
"Зеиԥш дыҟамыз ҳәа ззуҳәартә иҟаз уаҩын, санхәыҷыз аахыс дыздыруеит, аус еицаҳуан. Иҽымԥсахкәа, иуаҩра аханатә ишьҭихыз иманы амҩа данын. Исцәыуадаҩуп иара ихцәажәара, аԥсуа литература аԥсҭазаара мацара акәымкәа, ҳажәлар зегьы рыԥсҭазаара далҵит ҳәа исыԥхьаӡоит. Ус лассы-ласс иҳәалон: "Ара иахьа еицу зегьы шьҭа сара среиҳабуп", - ҳәа. "Ушԥаҟоу" ҳәа уаниазҵаалак, "макьана сыҟоуп" иҳәалон. "Аиҳабы дызмам анцәагьы димам" рҳәалоит аԥсуаа, "уҟаз" ҳәа лафны еибаҳҳәон. Теренти "сара" ҳәа мҳәаӡакәа иуаҩра, ибаҩхатәра, ихаҭара аазырԥшуаз иҭоурых ҟаиҵеит. Иажәеинраалақәа, иашәақәа ижәлар ирыхирҵәеит. Иашәақәа иахьеи-уахеи иҳаҳауеит, ҳлымҳа иҭаҩуеит, уигьы насыԥуп. Ауаҩы иара даныҟам иажәа, иашәа нхоит ҳәа ирҳәо башаӡам. Ауаҩра иара анцәа изишаны ауаа рызшатәыс имазшәа акәын дшыҟаз", - иҳәеит Аламиа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҳлитература аизҳазыӷьараҿы злагала дууз: иԥсҭазаара далҵит Терент Ҷаниа