Амимозашәҭ раԥхьатәи апартиа Урыстәылаҟа ишьҭуп

2021 шықәсазы аҳауаԥхарра иахҟьаны ашәҭсезон заахеит. Амимозашәҭ абжьааԥны жәабранмза аҽеиҩшамҭаз акәын аҭира ианалагоз.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Амимозашәҭ раԥхьатәи апартиа Урыстәылаҟа инашьҭуп ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхра Шәачатәи амаҵзура.

200 кьыла раԥхьатәи апартиа ашәҟәы иҭагалан.

Аиҳарак ашәҭ асезон жәабран аҩбатәи ахәҭеи хәажәкыра актәи ахәҭеи рзоуп ианымҩаԥысуа.

Ашәҭ ԥхасҭамкәа аҭыԥ аҟынӡа анагаразы иахәҭоу аҳауатә режим азырхиатәуп.

2020 шықәсазы аҳәаа иахыган 151 тонна ашәҭ, 2019 шықәсазы - 150 тонна, 2018 шықәсазы – 100 тоннак. Сынтәа иазыԥшуп ҵыԥхтәи аҩаӡараҟынӡа ашәҭ аекспорт.

Ҵыԥх Аԥсны кьылак амимоза 80 мааҭ иаԥсан. Усҟангьы раԥхьатәи ашәҭқәа рхы цәырыргеит ажьырныҳәамза алагамҭазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: