"Есыҽны ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп 12-ҩык ачымазаҩцәа, аҭыԥ ҭацәыр иаразнак уи иҭыԥ ахь инаҳгаша ыҟоуп. Аҭыԥ ҭацәны иҟоуп ҳәа аҭагылазаашьа ыҟам. Ачымазаҩцәа уажәы рхыԥхьаӡара иаҳа иацлеит, уи адагьы, ачымазара ахаҭа аформа ӷәӷәахеит, аамҭа рацәа аҭахуп ареанимациаҿы аҟазааразы. Ареанимациахь иҳазнамго, аха зҭагылазаашьа цәгьоу ачымазаҩ дҳамазар, иара дахьышьҭоу иаҭаху ацхыраара иоуеит. Ареанимациаҿы аус иуеит ареаниматолог - аӡәы, аҳақьым. Иара хымш дҷаԥшьоит, аха иус ишиҭаху изыҟаҵаӡом. Ахәышәтәырҭаҿы доусы дара рус ыҟоуп. Аҳақьым иара иус ҟаиҵоит, амедиаҳәшьа лара лус, асанитаргьы иус. Асанитар даныҟам иус џьаргьы ицаӡом. Уи ҟазҵо иаанхаз ауаа роуп. Иахәҭаӡам ареанимациаҿы ауацәа рыҟазаара, аха иҟоуп, иҳацхраауеит, иҟарҵогьы ҳахәаԥшуеит, иҳахәозар, иаанҳажьуеит. Даргьы амаҭәа ҷыда ршәуп, иҟаҵатәу зегьы дырдырны иақәшаҳаҭзар, иҳацхраауеит", - иҳәеит Бганба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҵәыҵәри анашьҭраз апроблемақәа амоуп