Даур Кәырмазиа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәуп

Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр инапынҵақәа макьана инаигӡалоит уи ихаҭыԥуаҩ Мераб Логәуа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟала Даур Кәырмазиа, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр имаҵзураҟынтә ихы дақәиҭтәуп. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит ахада Иусбарҭаҟны.

Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Даур Кәырмазиа арзаҳал иҩит. Ԥхьатәара ицара мзызс иамоу макьаназ еилкаам. Иара ихаҭа аҭагылазаашьа ахҳәаа аиҭом.

Даур Кәырмазиа диит нанҳәа 28 1974 шықәсазы, Гәдоуҭа. Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аекономика афакультет доушьҭымҭоуп.

2005 шықәса инаркны аус иуан Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра Аппарат хада аиурист хаҿқәа ашәахтә рықәҵара аҟәша аиҳабыс.

Аус иуан АУН "ОПК Пицунда" адиректорс.

2016 шықәса инаркны Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра дахагылан. Ианашьоуп акласстә чынқәа "Ашәахтә маҵзура I акласс абжьгаҩ" "Ашәахтә маҵзура аҳәынҭқарратә абжьгаҩ".