Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсныҩынтәхархәара" 2019 шықәсазтәи ахашәала иартәеит 436 нызқьмааҭ, 2020 шықәса актәи азыбжазы – 10 миллионк инареиҳаны. Ари 23-нтә еиҳауп ҵыԥхтәи ашықәс арбагақәа раасҭа.
"Ҳара дҳамоуп агент-аингалаҩ. Убри дныҟәоит ҳраионқәа рахь, иҭиҵаауеит мызкы аҩнуҵаҟала иахьҳауа аихаҷамаҷа, ишҳауа, шаҟа ҟало. Абас иҭҵааны анализ ҳасабала еизгоу адыррақәа роуп сынтәатәи ашықәса азы арбагақәа бзиахоит ҳәа ҳзырҳәогьы. Ари иҭымҵаакәа зынӡагьы ҳхы ҳықәгәыӷны иаҳҳәартә еиԥш азин ҳамаӡам. Аштат аҿы аус руеит 37-ҩык ауаа. Ауалафахәы аӡәы итәы бжьаратәла 20 нызқь мааҭ ыҟоуп. Ашықәс аҩнуҵҟала ауал ҳәа акгьы ҳамаӡам. 7 миллионки 200 нызқь мааҭ ауалафахәы рахь иаҳашьҭит. Ашәахтәқәа иаҳхысыз ашықәс азы 2 миллионки 684 мааҭ ҳшәеит. Ари зегьы ҳара ҳхала иҳарҳауа аԥароуп, ари аус умур, аӷба умышьҭыр, аихаҷамаҷа еизганы, ауаа руалафахәы рыҭатәуп, ашәахтә шәатәуп ари зегьы иурҳаз аԥараҟнытә иҟаҵатәуп, мап анакәха, анаплакы аус аназымулак, аекономика аминистрра уи ақәгаразы азҵаара ықәнаргылоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Какалиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аметалл еиқәаҵәақәа рҟынтәи ахашәала акыр еизҳаит