Урыстәыла акоронавирус "аеталонтә" штамм аԥырҵеит

Аштамм иалшоит ачымазара ахәышәтәра, ахәшә ҿыцқәа раԥҵара, авирус иҟанаҵо аҽеиҭакра ашьклаԥшра ҳәа агәаанагара ыҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Росстандарт ишьақәнарӷәӷәеит "Акоронавирус SARS-CoV-2 астандарттә штамм". Иара аԥҵоуп Н.Ф. Гамалеиа ихьӡ зху Аҭҵаарадырратә центр аҿы, иалнаршоит COVID-19 хра аманы ахәышәтәра ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-центр.

"Аштамм иалнаршоит атест-системақәа COVID-19 аарԥшразы рымҩаԥгара иаку "еицҵалыҵк" ахь ркылгара", - ҳәа азгәалҭеит Росстандарт аметрологиатә маҵзура абиоинформациатә лабораториа анапхгаҩы Елена Кулиабина.

SARS-CoV-2 аштаммқәак дыруп иахьазы. Урҭ авирус аҽеиҭакрала Великобританиа, ИуАР, Бразилиа, ЕАА ирбаз роуп.

Аԥсны алаҵа "Спутник V" аиур аналшо еилкаахеит

Заанаҵтәи аҭҵаарақәа иаадырԥшит урҭ аиҳарак шыҿку, аха ишәарҭоуп еиҳа ҳәа зларҳәаша дырра ыҟам.

А. А. Смородинцев ихьӡ зху АҬИ аҟны ишырҳәо ала Урыстәыла макьаназ урҭ аштаммқәа рымбацт. Аҵарауаа 1547 коронавирус геном ҭырҵаахьеит.

Аԥсны Урыстәылахь аҳәара ҟанаҵеит коронавирустә инфекциа хызҽуа алаҵа "Спутник V" аиуразы 2020 шықәсазы. Иазыԥшуп 15 - 20 нызқь доза аиура. "Спутник V" ареспубликахь иаагахар алшоит жәабран-хәажәкыра амзақәа рзы.