Аҟәа ахада "Аӡыканал" аиҳаб ҿыц деиҭеит

Уаанӡа Даур Паҷкориа АУН "Аҟәа ахадара аремонт-ргыларатә Усбарҭа" деиҳабын.Уаанӡа Даур Паҷкориа АУН "Аҟәа ахадара аремонт-ргыларатә Усбарҭа" деиҳабын.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Аҟәа ахада Беслан Ешба адҵа инапы аҵаиҩит АУН "Аӡыканал" адиректор Александр Ҳаразиа ԥхьатәара ицаразы ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны ихы иақәиҭтәразы. Ари аҭыԥ аҿы даҭоуп Даур Паҷкориа. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

АУН "Аҟәа ахадара аремонт-ргыларатә Усбарҭа" аамҭала напхгара аиҭоит Едуард Џьопуа.