Арадио

Адлеиԥҳа Аҳабла ҿыц ПЦР-тестқәа ахьыҟарҵо апункт азы: ахырҳаҭа змоу зегь ҳадаҳкылоит

Актәи аполиклиника амедиеҳәшьа, Аҳабла ҿыц аҿы еиҿкаау COVID-19 аҟнытә ПЦР-анализ агаразы адкыларатә пункт амедиеҳәшьа Мзиа Адлеиԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит апункт ҿыц аусура шеиҿкаау атәы.
Sputnik
Адлеиԥҳа Аҳабла ҿыц ПЦР-тестқәа ахьыҟарҵо апункт азы: ахырҳаҭа змоу зегь ҳадаҳкылоит

"Апункт аартра хықәкыс иамазгьы егьырҭ апунктқәа рҿы иҟоу агәаранқәа реихшароуп. Мышкы иалагӡаны ҳара иаҳҭаауеит 16-ҩык инаркны 25-ҩык рҟынӡа ачымазаҩцәа. Иааиуа зегьы ҳадаҳкылоит. Иаахҵәаны абысҟак ада ҳәа адҵа ҳамаӡам, аха зегьы ирымазароуп аҳақьым иҟынтә ахырхарҭа. Измам ҟалар, ҳразҵаауеит изааз, изыргәамҵуа, анаҩс иҳадаҳкылоит аӡбамҭа, ирзыҟаҵатәу мамзаргьы мап. Арахь иаауеит ақалақь еиуеиԥшым аҳаблақәа рҟнытә. Апункт аҿы аус ҳуеит ԥшь-ҩык, ҩ-гәыԥк еиҿкааны иҟоуп, ҩыџьа-ҩыџьала ҳҷаԥшьоит. Асааҭ жәба инаркны 11-нӡа иҳадаҳкылоит анализқәа. Ауааԥсыра раԥхьатәи ПЦР-анализ хаҭалатәи аклиникақәа рҿы аԥара ахшәааны ианырҭалак ашьҭахь, аҩынтә раан иахьцаша рыздырым, иҳадаҳкыло рҟнытә имаҷым аҩынт раан анализ азҭо", - еиҭалҳәеит Адлеиԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: