АҞӘА, ажьырныҳәа 25 – Sputnik. Ҳазҭалаз амчыбжь азы Аҟәа, Араион ҿыц аҿы COVID-19 азы ПЦР-тестқәа ахьыҟарҵо апункт ҿыц аадыртуеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәа ахадара Агәабзиарахьчаразы аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа.
Воуԥҳа илҳәеит апункт шаартхо уаанӡа Ацхыраара ласы ахьыҟаз аҭыԥ аҿы: Аргәын имҩа, 1 (амилициа зыҩноу ахыбра).
"Аҳҭнықалақь ахадара аӡбарала уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 100 ПЦР-тест мҩаԥаагалароуп. Аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа аусура армариаразы абри апункт ҿыц ааҳартуеит", - лҳәоит Воуԥҳа.
Лара илҳәеит Араион ҿыц аҿы уахыки-ҽнаки рыла 20 ПЦР-ҭҵаара шымҩаԥырго, иара убри аҟара COVID-центр аҿы, Турбаза, аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы – 60.
Ирма Воуԥҳа иара убасгьы илҳәеит ачымазцәа хьанҭацәа рзы аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы ԥшь-иарак рҟынтәи жәа-иарак рҟынӡа ишацҵахо.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11158-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8947-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 159-ҩык.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 128-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 37-ҩык, ибжьаратәуп - 34-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 16-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 26-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 58-ҩык пациент.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Асанитартә ҳақьым хада аколлективтә иммунитет ҟамлар ауеит ҳәа илыԥхьаӡоит
-
COVID-19 аҿагыларатә усмҩаԥгатәқәа 400 миллион мааҭ рҟынӡа ақәнарӡит Аԥсны