Жә-шықәса иқәырҵеит урыстәылатәи аҭыԥҳа лцәа ԥызҽыз Аԥсны атәылауаҩ

Арԥыс ахара идҵоуп 2019 шықәса ԥхынгәымзазы Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лцәа ахьԥиҽыз, лцәеижь ааха ахьеиҭаз, дахьирҳәыз азы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахара ихаранаҵеит Аԥсны атәылауаҩ Едгар Абыхәба 2019 шықәса ԥхынгәымзазы Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лцәа ахьԥиҽыз, лцәеижь ааха ахьеиҭаз, дахьирҳәыз ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Апрокуратура хада аӡбарҭатә Усбарҭа аиҳабы Даур Амҷба.

"Аусҭҵаара аихшьаалақәа рыла аӡбарҭа Абыхәба ахара иднаҵеит азакәан ахәҭаҷ 126 – ацәаԥҽра, ахәҭаҷ 127 – акалҭбааԥсра, ахәҭаҷ 158 – арҳәра, ахәҭаҷ 105 – ацәеижьхәахәара ", - иҳәеит иара.

Аҟәа изқәылан зцәа ԥырҽыз урыстәылауаҩԥҳәыс лганахь ала ашьаус аӡбарҭахь инашьҭуп

Иҟаиҵаз ацәгьоурақәа рзы аӡбарҭа Едгар Абыхәба иқәнаҵеит жә-шықәса ихақәиҭра иалхәыдатәра азеиԥш режимтә колониаҟны иҟазаарала.

Аҟәатәи аӡбарҭа асаит ишазгәанаҭо ала ааха зауз лзыҳәа инақәыршәаны ишәан 1 148 800 мааҭ.

Убри аан аҳәынҭқарратә харадҵара 16 шықәса ихақәиҭра иалхәыдатәралеи арежим ӷәӷәатә колониаҿы ихыгаралеи иқәҵара азыԥхьагәанаҭон

"Аиакәым иақәшәаз лхаҭарнак аҳәара ҟаиҵон 20 шықәса ихақәиҭра далхәыдатәызарц. Макьаназы азыӡба атекст нагӡа ҳмоуцт. Атекст анҳаулак ахашшааратә зыҳәа ҟаҳҵозар акәхап. Ҳара ҳақәшаҳаҭым ирыдыркылаз азыӡба, ацәгьоурақәа ихараҵоу рҟынтәи ҩба ихьанҭоу ҳәа ишьоуп. Ахарадҵа аԥыхны аус аиҭаҭҵаарахь инашьҭтәуп ҳәа азаҳаԥхьаӡоит", - ҳәа иҳәеит Даур Амҷба.

Ахарадҵатә лкаақәа инарықәыршәаны, 2019 шықәса ԥхынгәы 31 рзы Аҟәа ақалақь Ахақәиҭра ашҭаҿы ибылны игылоу аиҳабыра рыҩны аҟны Едгар Абыхәба амч ихы иархәаны 1999 шықәса рзы ииз аҭыԥҳа лцәа ԥиҽит ҳәа азгәаҭоуп. Иара убасгьы иӷьычит зцәа ԥиҽыз лтелефон, лхьымаҭәа, аԥара, зынӡа – 70 100 мааҭ рыхә.

Абри ацәгьоура ҟазҵаз ҳәа 2019 шықәса нанҳәамза 2 азы Гал араион, Сида ақыҭа аҿы даанкылан Гәдоуҭа инхоз, 2001 шықәсазы ииз ауаҩԥсы Едгар Абыхәба.

Аҟәа ақалақь апрокуратура 2019 шықәса рзы Аҟәа изқәылан зцәа ԥырҽыз Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лганахьала ашьаус аӡбарҭахь инанашьҭит.

Ажьырныҳәа 13 2021 шықәса рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо иҳәеит ареспублика аӡбарҭатә система ацәгьоурақәа Аԥсны атәылауаа ианыҟарҵо хырыҩ шарҭо, Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс Сурыгина лыхҭыс дазхьаԥшуа.

Sputnik амчыбжь: аԥкра ҿыцқәа, аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо, Двинианин иинтервиу

Иара иажәақәа рыла абри ахҭыс азы аус аӡбарҭахь шықәсык ашьҭахь ишнеиз, уаҟагьы уи шдыргәагәоз.

Абри ашьҭахь ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аппарат анапхгаҩы Џьамал Гогьиа.

Иара иҳәеит аус Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы ишахәаԥшуа 2020 шықәса мшаԥымзаахыс. Уи иаанагоит азакәан аилагара аҭыԥ амоуп ҳәа.

Гогьиа иазгәеиҭеит ари аҩыза ашшыԥхьыӡ аӡбарҭатә усбарҭақәа рахь ишымнеиц, убри азы аамҭа акыр цеит умҳәозар ада аусӡбара амҩаԥгара еилагоуп ҳәа шьақәзырӷәӷәо акгьы шимам.