АҞӘА, жәабран 6 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 289-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 39-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Акоронавирус злаз 1937 шықәсазы ииз апациент иԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи аковид-хәышәтәырҭаҿы жәабран 6 рзы. Иара идбалан акоронавирустә инфекциа ҿыц. Ахаҵа ахәышәтәырҭа дҭашәеит ажьырныҳәа 17 рзы, изымҩаԥыргоз атерапиа иахьмырԥшкәа иԥсҭазаара далҵит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 101-ҩык, урҭ рахьтә 87-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 29-ҩык, ибжьаратәуп - 58-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 12-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 7-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 33-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 26-ҩык апациентцәа.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>