Аԥсны алахәхоит Шәача имҩаԥысуа Аҿар рышықәс ауснагӡатәқәа

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи Шәача ақалақь ахада Алексеи Копаигородски еиԥылеит жәабран 5 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 5-Sputnik. Аԥсуа ҿар алахәхоит Аҿар рышықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахо акультуратәи аспорттәи унагӡатәқәа, Шәача, абри азы еиқәшаҳаҭхеит Шәачеи Аҟәеи ақалақьқәа рхадацәа реиԥылараҿы, иаанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.

"Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ишьақәырӷәӷәоуп астратегиатә еиҩызара. Сгәыӷуеит, ҳаимабзиара ҳақалақьқәа руааԥсыра рзы ихәарҭахап", - ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.

Алексеи Копаигородски иазгәеиҭеит, Аҟәа ақалақь ахадеи иареи реиқәшәара атуризми, аспорти, акультуреи, аҿартә политикеи рхырхарҭақәа рҟны аусеицуразы ауасхыр азышьҭанаҵуеит ҳәа.

Аганқәа иара убас иалацәажәеит ахәаахәҭра-аекономикатә усеицуразы, хаҭала аԥсуа ган аалыҵ Шәача аӡыргаразы, Шәачатәи аалыҵ Аҟәа ацәыргақәҵаразы, иара убас еиқәшаҳаҭхеит афорумқәеи, ацәыргақәҵақәеи, ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рџьармыкьақәа реицалахәхара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: