Гагра араион ахадара аусзуҩцәа рулафахәы ахныҟәгаратә минимум аҟынӡа инагоуп

Аԥсны Аҳәынҭстатистика аусбарҭа ишьақәнаргылеит аусура зылшо атәылауаҩ ажьырныҳәа 1, 2021 шықәсазтәи аҭагылазаашьала ихныҟәгаратә минимум иартәеит 7398,6 мааҭ.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 6-Sputnik. Бадри Есиава. Гагра араион ахадара аусзуҩцәа рулафахәы ахныҟәгаратә минимум аҟынӡа инагоуп есымзатәи ашәараҵҵақәа ирыбзоураны, абри атәы иҳәеит Гагра араион ахада ицхырааҩ Баҭал Берзениа.

Аԥсны Аҳәынҭстатистикаҿы ахныҟәгаратә минимум шьақәдыргылеит

Иажәақәа рыла 2019 шықәсазы Гагра иалаган етап-етапла ахныҟәгаратә минимум аасҭа еиҵаны изауаз аусзуҩцәа рулафахәқәа ашьҭыхра, Аԥсны Аҳәынҭстатистика аусбарҭа ишьақәнаргылаз 7398,6 мааҭ рҟынӡа.

"Ашәарацҵақәа зауз 50-ҩык иреиҳауп, дара ирызԥҵәоу аулафахәы 70% ирзацлеит. Иалаган афинансқәа рыҟәшеи, ахадара аҟны еиҿкаау аспорткомитет аҟәшеи рыла, сынтәа ари апрограмма иаҵанакит араион мазара анапхгареи ахатәтәреи рзы аҟәша аусзуҩцәа хәҩык. Апрограмма ацҵара ҳгәы иҭоуп", - иҳәеит Берзениа.

Иазгәеиҭеит, аулафахәы ацҵара алыршахеит араион ахадара аныхрақәа аоптимизациа ахьазыруз.

Аԥсны Аҳәынҭстатистика аусбарҭа ишьақәнаргылеит аусура зылшо атәылауаҩ ажьырныҳәа 1, 2021 шықәсазтәи аҭагылазаашьала ихныҟәгаратә минимум иартәеит 7398,6 мааҭ.

Ахныҟәгаратә минимум рахь иаҵанакуеит 5060,7 мааҭ рыхә афатә-ажәтә, акрыфара иадҳәалам атауарқәа 1450,1 мааҭ рыхә, ашәахтәқәеи ихымԥадатәиу ашәарақәеи – 887,8 мааҭ рыхә. Ииасыз ашықәс азы ишьақәыргылаз ахныҟәгаратә минимум иаҿырԥшны, сынтәатәи 4,6 процент рыла ишеиҳахаз.