Авирусолог иҳәеит Урыстәыла акоронавирустә пандемиа анынҵәо

Адунеи аҟны COVID-19 зыхьхьоу рхыԥхьаӡара 105 миллион еиҳауп ҳәа азгәаҭоуп Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) адырраҭараҿы, 2,3 миллион рыԥсҭазаара иалҵит. Ачымазцәа рхыԥхьаӡарала актәи аҭыԥ ааныркылоит ЕАА, Индиа, Бразилиа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Авирусолог Георги Викулов НСН аефир аҟны еиҭеиҳәеит Урыстәыла акоронавирустә апандемиа анынҵәо ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Алаҵа "Cпутник V" ҟазҵаз урыстәылаа рхыԥхьаӡара аӡбахә ҳәоуп

Аҟаза иазгәеиҭеит, миллионҩыла иахьынхо ақалақьқәеи, атәыла зегь аҟны иааидкылан аинфекциа ашьшьыҳәа иалаҵәоит ҳәа. Игәы иаанагоит, COVID-19 азы аҭагылазаашьа хәажәкырамзазы ишьақәтәоит ҳәа.

"Мшаԥы-лаҵарамзазы аинфекциа ацәырҵра маҷхоит, ҳазыгьежьуеит апандемиа аԥхьатәи аамҭа", - иҳәеит аҳақьым.

Викулов иҳәеит, макьана заауп аԥкрақәа рырмаҷра, избан акәзар атәыла ауааԥсыра реиҳараҩык алаҵа ҟарымҵацт, дара макьаназы аиммунитет рымаӡам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: