Bloomberg "Спутник V" урыстәылатәи аҭҵаарадырраҿы еихьӡара дууп ҳәа ахнаҳәааит

© Sputnik / Абзал Калиев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Казахстане началось производство вакцины Sputnik V
В Казахстане началось производство вакцины Sputnik V - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2021
Анапаҵаҩра
Аденовирустә вектор шьаҭас измоу алаҵа "Спутник V" нанҳәа 11 рзы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит.

АҞӘА, жәабран 6-Sputnik. Мраҭашәаратәи атәылақәа аханатә Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" агәра ргомызт, аха иахьазы апандемиа аҿагылараҿы иалкаау акакәны иҟоуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Bloomberg. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Вакцинация российской вакциной от коронавируса в Аргентине - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.01.2021
Алаҵа "Cпутник V" ҟазҵаз урыстәылаа рхыԥхьаӡара аӡбахә ҳәоуп

Ажурналистцәа ишазгәарҭаз ала, атәылақәа апрепарат азы "агәаран иқәгылеит" еицырдыруа амедицинатә журнал The Lancet аҟны икьыԥхьыз Covid-19 хызҽуа урыстәылатәи алаҵа "Sputnik V" аҭҵаара алҵшәақәа рышьҭахь.

Аматериал авторцәа иазгәарҭеит, апандемиа аиаараҿы "алаҵақәа реиԥхныҩлара" агеополитикатә ҟазшьа аанахәит: аԥкрақәа ирыхҟьаны аҳәынҭқаррақәа ироуз асоциал-економикатә ааха алҵразы ирылшо ҟарҵоит. Урыстәыла ари аҭагылазаашьаҿы иаԥхьагылоуп, дара ирылшеит зхаҭабзиара ҳараку алаҵа аҭыжьра, аҳәоит акьыԥхьымҭаҿы.

"Урыстәыла асоветтә аамҭақәа раахыс аҭҵарадырраҿы аихьӡара ду аанарԥшит", -азгәанаҭеит Bloomberg.

Ари амчыбжь азы амедицинатә журнал The Lancet аҟны икьыԥхьын урыстәылатәи алаҵа аҭҵаарақәа ахԥатәи аетап алҵшәақәа. Алаҵа 91,6 % хра аманы ахы аанарԥшит.

Адунеи аҟны раԥхьатәи ашәҟәы иҭагалоу алаҵа "Спутник V" ахьӡырҵеит. Алаҵа аус адулан Гамалеиа ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Массала ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵара Урыстәыла иалагеит ԥхынҷкәынмза алагамҭазы.

Аденовирустә вектор шьаҭас измоу алаҵа нанҳәа 11 рзы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит. "Спутник V" алаҵаҟаҵара иазԥхьагәанаҭоит ҩ-компонентк ралагалара, хымчыбжь-хымчыбжь рыбжьаҵаны. "Спутник V" хра амоуп 90 процент, алаҵа иныҭкааны аҿагылара мҩаԥнагоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0