Аҵәахырҭатә банк Пицундатәи аҟәша аремонт ашьҭахь иаадыртит

Аԥсны Аҵәахбанк Пицундатәи аҟәшаҿы аремонттә усурақәа мҩаԥысуан ажьырнызәа 3 раахыс. Абри аамҭазы атәанчахәы ршәон бзыԥтәи абанк аҟәшаҿы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 8– Sputnik, Бадри Есиава. Аҵәахырҭатә банк Пицундатәи аҟәша акапиталтә ремонт ашьҭахь иаадыртит жәабран 8 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҵәахбанк арегионалтә директор Ахра Анқәаб.

"Акапиталтә ремонт ашьҭахь абанк аҟәша астандарт ҳаракқәа ирықәшәо иҟалеит. Атәанчахәқа рыҭара адагьы абанкттә хсаалагақәа аԥара рҭаҵара, аԥараиагара, аҳазалхратә, ашәахтә, акоммуналтә шәарақәа рымҩаԥгара алшоит. Ишалшо ала арҭ амаҵзурақәагьы ԥхьаҟа ихаҳарҭәаалоит" ҳәа иҳәеит Анқәаб.

Иара иҳәеит ҳаамҭа иақәшәо абанк аҟәша аартра хҭыс дууп Аҵәахбанк азы адагьы иара Пицунда ауааԥсыра рызгьы ҳәа.

Анқәаб ишиҳәо ала аҭааҩцәа гәахәарыла ирыдыркылеит аиҭакрақәа, аҭагылазаашьа ҿыцқәа. Аҵәахбанк арегионалтә директор иҳәеит абанк аҟәшаҿы хҩык аусзуҩцәеи аҟарулцәа хҩыки аус шыруа.

Аԥсны Аҵәахбанк Пицундатәи аҟәшаҿы аремонттә усурақәа мҩаԥысуан ажьырнызәа 3 раахыс. Иара ҩымчыбжь рыла ихдыркәшараны иҟан аха афымцалашаратә проблемақәа ирхырҟьаны аҿҳәара иацырҵеит.

Абри аамҭазы атәанчахәы ршәон Гагра араион бзыԥтәи абанк аҟәшаҿы. Уи азы Пицунда ахадара атрансфер еиҿыркааит.

Атәанчахәыҩцәа азин рымоуп иахьҭаҩу иаҿмырԥшкәа иахьырҭаху ртәанчахәы амырхларц.