Амимозаз аҵарҭышагара зҭахыз аинспекторцәа рганахьала ашьаус хацыркуп

Аусҭҵаара адыррақәа рыла ахҭыс аҭыԥ аман 2019 шықәса хәажәкырамзазы. Амимозашәҭ Урыстәылаҟа алагаларазы аинспекторцәа аԥарагара рҽазыршәеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik. Ашьаус хацыркуп Шәачатәи аҳазалхырҭа-аушьҭратә ҭыԥ "Адлер" аҳазалхратә процедура ҷыдақәа рыҟәша № 1 аинспектор хадеи Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәааҿ акарантин-фитосанитартә хылаԥшра аҟәша аинспектори рганахьала. Дара ахара рхарарҵоит аҵарҭышагаразы. Абри атәы аанацҳауеит атранспорт аҿы Москватәи арегионбжьаратә усҭҵааратә усбарҭа асаит.

2019 шықәса хәажәкырамзазы арҭ ахаҿқәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амимоза ииазгоз аԥҳәыс дыржьеит лтауар акарантинтә хәаҷа адбалоушәа. Аҳәынҭқарратә баџь - кьылацыԥхьаӡа 50 мааҭ ахшәаатәуп ҳәа ларҳәеит. Аԥҳәыс аинспекторцәа ирҳәаз аԥара рылҭеит.

Атранспорт аҿы Краснодартәи аусҭҵааратә ҟәша аусҭҵааҩ аус аматериалқәа реизгара даҿуп, уи адагьы арҭ ахаҿқәа егьырҭ рыцәгьоурақәа раарԥшра иҽазишәоит.

2021 шықәсазы ашәҭ асезон еиҳа изааны иалагеит аԥхаррамшқәа ирхырҟьаны. Амимоза аиҳарак Аԥснынтә Урыстәылаҟа аиагара иалагон жәабранмза аҽеиҩшамҭаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: