Апародонтолог Дасаниаԥҳа: ауаа ргәабзиара иацклаԥшуеит, уи угәы иамыхәар залшом
© Sputnik
"Ауаҩы ихаԥыцқәа еснагь ирыцқьалароуп, шьыжьымҭани хәылбыҽхеи. Еиҳараҩык ргәы ианаагоит ауаҩы дышгылалак ихаԥыцқа ирыцқьароуп ҳәа, аха уи ииашам. Ауаҩы ихаԥыцқәа шьыжьхьа ашьҭахь ирыцқьозароуп, иара убас, уахынла, акранифалак ашьҭахь. Ахаԥыцқәа ррыцқьара аамҭа агароуп ҩба-хԥа минуҭ еиҵамкәа. Шықәсык ахь ҩынтә астоматолог уиҭаароуп, ҷыдала апародонтолог. Иҳәатәуп, иҳадҵаало иаҳа-иаҳа рхыԥхьаӡара ишацло, ауаа ргәабзиара иацклаԥшуеит, уи угәы иамыхәар залшом. Аҭаацәагьы ируалуп ахәыҷы дшыхәыҷу ииашаны ихаԥыц рыцқьашьа ирҵара, ианаамҭоу аҳақьым иахь инагара. Уи аԥҟарақәа ишахәҭоу ирықәымныҟәар, аҳақьым иус иаҳагьы иаруадаҩуеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Дасаниаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудиофаил аҿы.