Гагратәи атуристтә базақәа 2021 шықәсазы аҿаҵаразы еиҳа ирҭаху аҭыԥқәа ирыҵаркит

Атуристтә базақәа рҿы ҭаацәала аԥсшьара зҭаху атуристцәа рхыԥхьаӡара 6 - 8 процент рыла иацлеит ҵыԥх иаҿырԥшны.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Гагратәи атуристтә базақәа 2021 шықәсазы аҿаҵаразы еиҳа ирҭаху аҭыԥқәа ирыҵаркит ҳәа аанацҳауеит TVIL.RU асаит.

Аԥсны 2021 шықәсазы аԥсшьараз еиҳа иалырхуа ахырхарҭақәа жәаба ирылоуп

Аекспертцәа иазгәарҭеит 2021 шықәсазы атуристцәа еиҳа зыхә мариоу аԥсшьара-формақәа алырхуа иалагеит ҳәа, убри азы аҭыԥқәа заанаҵы иҿарҵоит абнараҿ, аӡиасқәеи аӡиақәеи ирхықәгылоу атурбазақәа алырхуа иалагеит ҳәа.

Астатистикатә дыррақәа рыла, 48% аҭаацәарақәа атурбазақәа рҿы аҩнхәыҷқәа аҿарҵоит, 22% - аԥсшьарҭатә базақәа рҿы, 12% ақалақь анҭыҵҟа ацаразы акоттеџьқәа ааныркылоит.

Атуристцәа реиҳараҩык уахык инаркны 12 уха рҟынӡа иаангылоит, уахыки-ҽнаки рзы инырхуеит зықь мааҭ инаркны 12 нызқь мааҭ рҟынӡа.

Урыстәылаа еиҳа имарианы атурбазатә ҩнқәа роуеит Гагреи Оленевкеи - зықь мааҭ, Ҟрым – ҩ-нызқь мааҭ.

Амаҵзура TVIL.RU иалнакааит 2021 шықәса рзы еиҳа аҿаҵарақәа ахьымҩаԥырго:

  • Евпаториа (Ҟрым) – 3051 мааҭ, 13 у/ҽ рзы, 17%;
  • Оленевка (Ҟрым) – 2142 мааҭ, жәаха-жәымш, 17%,
  • Голубицкаиа (Краснодартәи атәылаҿацә) – 767 мааҭ, 11 у/ҽ, 15%,
  • Луга (Ленинградтәи аобласт) – 6396 мааҭ, ҩаха-ҩымш, 9%
  • Ильински (Карелиа) – 4587 мааҭ, хаха-хымш, 7%,
  • Дмитров (Московатәи аобласт) – 7000 мааҭ, уахык, 5%,
  • Артыбаш (Алтаи)– 4700 мааҭ, ҩаха-ҩымш, 5%,
  • Кимовск (Тулатәи аобласт) – 12000 мааҭ, 1 уахык, 4%,
  • Шерегеш (Кемеровтәи аобласт) – 9400 мааҭ, ԥшьаха-ԥшьымш, 4%,
  • Абзаково (Башкириа) – 3900 мааҭ, уахык, 3%,
  • Гагра (Аԥсны) - 1000 мааҭ, хәаха-хәымш, 3%.

Уаанӡа атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба апортал TourDom.ru аинтервиу аҭо иҳәеит Аԥсны ишырзыԥшу миллионк инареиҳаны атуристцәа 2021 шықәсазы ишырзыԥшу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: