Арадио

Сангәлиаԥҳа еиҭалҳәеит лыҭҵааратә усура апандемиа шаныԥшыз атәы

Аԥсуаҭҵааратә институт аетнографиа аҟәша аусзуҩ Елисо Сангәлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ачымазара ҿкы COVID-19 иахҟьаз аԥкрақәа русура ныррас ианаҭо атәы.
Sputnik
Сангәлиаԥҳа еиҭалҳәеит лыҭҵааратә усура апандемиа шаныԥшыз атәы

"Ҳаззыԥшымыз ахҭыс (апандемиа - аред) аԥсҭазаара иаҳзаанагаз ҳаргьы ҳусура кыр ианыԥшит, аха анаука знапы алаку еиҳарак иусура аҩны имҩаԥигоит аҟынтә, егьырҭ раасҭа ҳҭагылазаашьа иаҳа еиӷьын ҳҳәартә алшара ҳамоуп. Аматериал ианаҳҵахьаз аус адаҳулон аҩны. Аматериал аидкылара атәы ҳҳәозар, аетнографцәа, афольклористцәа, археологцәа русура иаҳа адәы иадҳәалоуп. Убри аҟынтә шықәсыкгьы акыр аҵанакуеит, аматериал аидкылара иаԥырхагахеит. Абыргцәа рыԥсҭазаара иалҵит, аматериал зыҟны еидаҳкылоз. Апандемиа сԥырхагахеит, мшаԥы 14 рзы скандидаттә диссертациа ахьачара иазхиан, сҽазыҟасҵон, сыззыԥшыз хҭысын, иахьа уажәраанӡа еилыргаӡам ианыҟало. Онлаин ала акәзар, сҽазысшәеит аматериал аҭаҩра. Ҭырқәтәыла инхо еиҳабык, ажәабжь здыруаз данысҵеит. Аԥсны ус еиԥш анҵара ҳзеиҿымкааит, избанзар ҳаԥсуа қыҭақәа рҟны авидео ала ицәырҵыртә алшара змам ыҟоуп. Ус еиԥш аиҿцәажәареи хаҭалатәи аибабареи узеидкылом, хаҭалатәи аиҿцәажәара хадоуп", - лҳәеит аҵарауаҩ.

Убри аан лара иазгәалҭеит иахьатәи аҭагылазаашьа аҵарауаа излауала рхы анрааланы, русура мҩақәак азырԥшаауеит, аамҭа иаҳагьы ирцәымцарц азы ҳәа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: