"Акоординациатә штаб алахәцәа ражәалагалақәа ҟарҵеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иахь. Агәыӷра ҳамоуп азҵаара ӡбахоит ҳәа. Ҩымш-хымш рыҩнуҵҟа Агәабзиарахьчара аминистрра, асанитар-епидемиологиатә маҵзура, акультура аминистрра аусзуҩцәа рыла аусутә гәыԥ еиҿкаазарц азыӡбан. Агәабзиарахьчара аминистрра адҵа ҳанаҭароуп акультуратә хыбрақәа аус рур ахьынӡауа атәы зныԥшуа. Иҟоуп, хымԥада, урҭ аԥҟарақәа рыла аус зур зылшо, иҟоуп ус еиԥш алшара змам. Ҳара иазгәаҳҭоит акультуратә усҳәарҭақәа зегьы раартра шзалымшо, убри аҟынтә ус злымшо, аамҭала аус руам. Иахьазы Акоординациатә штаб аӡбамҭа шьаҭас иганы аҳәынҭқарра ахада иахь инаҳашьҭыз ашәҟәаҟны иарбоуп акультуратә усҳәарҭақәа русура жәабран 15 рзы иалагарц", - иҳәеит Агрба.
Иара убасгьы еиҭеиҳәеит иахьазы зусура ахацыркра иазхиоу, мамзаргьы иазхиам аколлективқәа ртәы.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны аковидҿагыларатә ԥкрақәа: COVID-19 аламырҵәаразы аштаб ажәалагалақәа
Аԥсны акультуратә усҳәарҭақәа русура хацдыркыр алшоит