Аԥсны Урыстәыла иаднагалеит ҳтәыла иалсны Ермантәыланӡа аихамҩа аусура иалагарц

Ажьырныҳәа 11, 2021 шықәсазы Владимир Путин дырԥылеит Азербаиџьан ахада Ильхам Алиеви Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниани. Аиԥылараҿ иӡбан атәылақәа рыбжьара аихамҩатә еимадара ахацыркра.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Апарламент Урыстәыла Аҳәынҭдумахь адырра ҟанаҵеит ареспублика шазыхиоу Аԥсны иалсны Урыстәылеи Ермантәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара ашьҭра. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Апарламент адепутат Асҭамыр Логәуа.

"Ари аԥшьгамҭа ҳкомитет аҿы ахы ыҵнахит. Арегион аҿы аҭагылазаашьа ҳацклаԥшуеит. Ашьха Ҟарабах аҭыԥ змаз аимак абри амҩала аҭыԥ ақәҵара шалшо аабоит. Атранспорттә коммуникациақәа русура ахацыркра хра аманы иҟоуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Апарламентари иазгәеиҭеит Аԥсны еснагь ишазыхиаз ираҟароу ганк аҳасаб ала арегионалтә проектқәа рылахәра. Ашьха Ҟарабах ахымца анаанкылаха ашьҭахь аихамҩатә еимадара ианалацәажәо аамҭазы Аԥсны аганахь имгылароуп ҳәа иҳәеит Асҭамыр Логәуа.

Медведев Ҟарабах аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы: Ҭырқәтәылагьы алархәтәуп

"Аԥсны аблокада ахыхтәуп, абри азы ҳколлегацәа адгылара ҳарҭоит. Иалшо зегь ҟаҳҵоит апроект Аԥсны аганқәа ирываҟәало акәны алахәхаразы", - ҳәа иҳәеит иара.

Жәабран 4 рзы Аԥсны Апарламент аҿы имҩаԥысит инарҭбаау аилактә еилацәажәарақәа. Абри азҵаараҿы ақәҿиара аиуразы авариантқәа зегьы ирылацәажәан ҳәа иҳәоит адепутат.

"Арегион ахәҭак аблокада анахыху бзиоуп, аха арегион зегьы ахы ианоужьу еиҳагьы еиӷьуп. XXI ашәышықәсазы аҭахкааратә политика аҭыԥ амамзароуп. Ҳаамҭа инақәыршәаны аизыҟазаашьа бзиақәа шьақәыргылалатәуп", - ҳәа иҳәеит Асҭамыр Логәуа.

ЕАА алхрақәа, Ҟарабах, Киев аҳәахьа: Сергеи Лавров ипресс-конференциа

Ажьырныҳәа 11, 2021 шықәсазы Владимир Путин дырԥылеит Азербаиџьан ахада Ильхам Алиеви Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниани. Аиԥылараҿ иӡбан атәылақәа рыбжьара аихамҩатә еимадара ахацыркра.

Иазԥхьагәаҭоуп аихамҩа Азербаиџьан мрагыларатәи ахәҭала ииасуеит, Ермантәылагьы 1992 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны Урыстәылаҟа адәыӷбақәа дәықәнаҵап, иара убасгьы Иран ахь анеирҭа аиууп ҳәа. Бақәа акәзар 30 шықәса раахыс Нахичевантәи автономтә республикеи Ҭырқәтәылеи аҽрымадара алшо иҟалоит.