Аԥсны аинвестпроектқәа рынагӡашьа иалацәажәеит Урыстәыла аекономҿиара аминистрраҿы

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны аинвестпроектқәа шынарыгӡо атәы азы иалацәажәара.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрраҿы ирзааҭгылан аԥсуа ган ажәалагалақәа альготатә кредитҭара алахәылацәа руал ареструктуризациеи апроценттә цҵа аоптимизациеи рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аекономика аминистрра асаит.

2015 шықәса рзы Аԥсны аекономика аминистрреи Москва Аинвестициатә маҵзуреи иаԥшьыргеит апрограмма, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи абанкқәа хԥа аԥснытәи анаплакыҩцәа ирырҭеит акредитқәа льготатә шәарала 10% рҟны ишьақәыргылан. Аицлабра иалахәын 40 рҟынӡа инвестициатә проект, иалкаан быжьба.

Аԥара зауз робиектқәа ари аамҭала иргылан иалгахьазар акәын, ркредитқәагьы дырхынҳәхьазар акәын, аха урҭ рҟынтәи аӡәгьы ипроект аҿы иазԥхьагәаҭаз аҭагылазаашьахь имнеицт.

Кристина Озгани Урыстәыла аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩи еиԥылеит

Жәабран 9 рзы имҩаԥысыз аиԥылараҿы ирылацәажәан излаго апроектқәа рхыркәшара апроблема, ауалархынҳәра, иара убасгьы ԥхьаҟагьы аинвестициатә проектқәа рымҩаԥгара алыршара.

Альготатә кредитҭара апрограмма алахәылацәа хәажәкыра 1 аҟынӡа аҿҳәара ҟарҵеит иҟоу ауал ашәаразы аҭагылазаашьа аҭыԥ иқәырҵарц.

Аилацәажәара иалахәын Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа, Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров, апрограмма иалахәу абанкқәа рхаҭарнакцәа. Аԥсны аекономика аминистрра АУ "Аҳәынҭқарратә инвистициатә маҵзура" аиҳабы Илона Лакербаиаԥҳа, аԥсуа кредитгаҩцәа.