Арадио

Гогәуа еиҭалҳәеит Тҟәарчалтәи адәқьан аҟны акрыҭира аганахьала аусқәа шцо

Тҟәарчал инхо, афатәҭиирҭатә дәқьанқәа руак аԥшәма Марина Гогәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ақалақь аҟны акрыҭира аганахьала аусқәа шцо атәы.
Sputnik
Гогәуа еиҭалҳәеит Тҟәарчалтәи адәқьан аҟны акрыҭира аганахьала аусқәа шцо

"Адәқьан аҟны ахәаахәҭра цоит, макьана Тҟәарчал акраҳфоит… Уалла акы ргаргьы, аԥара шроулак иршәоит ауаа, шамахамзар ауал рымшәакәа, ҳгәаартә иҟам. Аӡәык-ҩыџьак уалла ирумҭар ауам, аха уеизгьы иааргоит, анкьеиԥш иҟам шьҭа. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәеи иахьеи еиԥшым. Акоронавирустә ҿкы ҟалеижьҭеи ауаа ашәыр иаҳа ирго иалагеит. Адәқьан ахь иааиуа амедицинатә сабрадақәа ныҟәыргоит, ишәоит, иҟоу аҭагылазаашьа рбоит", - лҳәеит Гогәуа.

Шәазыӡырҩы аудио.