Арадио

Кәарҷиа: исҭахқәаз ԥыҭк аҟаҵара сахьӡеит, аха еиҭа иҟоуп, уажәшьҭа исылшо сыздырым

Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа жәабранмза 10 рзы иазгәеиҭоит ииубилеи. 75 шықәса зхыҵыз аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ишықәсқәа дшырзыҟоу.
Sputnik
Кәарҷиа: исҭахқәаз ԥыҭк аҟаҵара сахьӡеит, аха еиҭа иҟоуп, уажәшьҭа исылшо сыздырым

Ауаҩы ҩнуҵҟала дажәӡом, 100 шықәса ихыҵыргьы, ус дыҟазаауеит ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа арадиоефир аҿы. Ауаа дырцәыԥхашьаны ихы даҽакала имҩаԥигоит акәымзар, иҷкәынраан еиԥш ауп дшыҟоу ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы еиҭеиҳәеит анаукеи аполитикеи реилагӡара аус ишиҭахыз еиԥш ишилымшаз.

"Ҩ-уск реилагӡара усҟак иҽеиӡам. Ҳара ҳабиԥара хәыҷык аџьабаа ҳбеит аԥсадгьыл ахақәиҭтәраз. Ауаҩы ԥыҭк анихыҵлак, игәы иаанаго далагоит, аҳәынҭқарратә ус ахьырыӡбо ааигәара дыҟамзар, игәҭакқәа зегьы хыбгалозшәа. Сара Апарламент ааигәара, азакәанқәа ахьрыдыркыло зыҟазар сҭахын, уи сыҷкәынра иабзоуран. Иҵегь саныӷәӷәаз анаукеи аполитикатә уси еиласыгӡон ицәгьамкәа, уажәы - исцәыхьанҭоуп. Спикерс сыҟоижьҭеи анаука даара иагсыжьит. Исҭахқәаз ԥыҭк аҟаҵара сахьӡеит, аха иҵегь исҭахқәаз ыҟоуп уажәгьы, аха уажәшьҭа исылшо сыздырам", - ҳәа иҳәеит Кәарҷиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.