Хышба Санкт-Петербург иҟазаараан Аԥсны амедицинатә туризм аҿиара далацәажәеит

Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба усутә визитла Санкт-Петербургҟа днеиит Москва иҟазаара ашьҭахь.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Ҭеимураз Хышба Санкт-Петербург иҟазаараан Аԥсны амедицинатә туризм аҿиара далацәажәеит Санкт-Петербург атуризм аҿиараз Аилак анапхгаҩы Сергеи Корнееви иареи реиԥылараан ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аминистр иажәақәа рыла амедицинатә туризм аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аинтерес шьҭыҵит, иара Урыстәыла аҩныҵҟагьы арҭ апроектқәа аус руеит. Убри азы аԥсуа ган ари ахырхарҭа аҵакы аманы иаԥхьаӡоит.

Хышба Аԥсны атуризм аусхк азы: аинвесторцәа аҭагылазаашьа бзиақәа рзаԥҵатәуп

"Санкт-Петербург – Урыстәыла акультуратә ҳҭнықалақь ҳәа иашьҭоуп. Европа инарылукааша қалақь ԥшӡоуп. Ҳара ҳәарада аиҩызаратә еиныррақәа рыҟазаара ҳгәаҳәоит", - ҳәа иҳәеит Ҭеимураз Хышба.

Аганқәа алацәажәеит Аԥсни Санкт-Петербурги рыбжьара атуристтә еимдарақәа рызҵаара. Урыстәылатәи аган алахәылацәа иазгәарҭеит Аԥсны атуристтә ӡыргара ишазыхио.

Хышбеи Корнееви реиԥылара хыркәшо рнапы аҵарҩит Акоммиунике. Адокумент ианыԥшуеит апрофессионалтә кадырқәа разыҟаҵара, атуризм аусхк аҟны аинвистициақәа ралагалара уҳәа еиуеиԥшым азҵаарақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: