АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 271-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 55-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы жәабран 2 рзы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа - 1939 шықәсазы ииз ахаҵеи 1959 шықәсазы ииз аԥҳәыси. Урҭ рыҩџьагьы ирзықәыргылан адиагноз акоронавирустә инфекциа ҿыц.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 82-а, урҭ рахьтә 69-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 26-ҩык, ибжьаратәуп - 27-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 28-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 10-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 7-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 22-а, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 25-ҩык апациентцәа.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>