Роберт Киут Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩыс дҟаҵоуп

Роберт Киут 2003 шықәса инаркны Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзураҟны аус иуан, 2011 шықәса раахыс еиуеиԥшым анапхгаратә усқәа инапы ианын.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟала Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩыс дҟаҵоуп Роберт Киут ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Роберт Киут лаҵара 18 2020 шықәса инаркны Аԥсны АШәМ ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, аамҭалагьы Аԥсны АШәМ ахантәаҩы инапынҵақәа наигӡон.

Роберт Киут 2003 шықәса инаркны Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзураҟны аус иуан, 2011 шықәса раахыс еиуеиԥшым анапхгаратә усқәа инапы ианын.

Роберт Киут диит ажьырныҳәа 7, 1980 шықәса рзы Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан. 1997 шықәса рзы Аҟәатәи абжьаратә школ №7 далганы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономика афакультет дҭалоит.

2002 - 2003 шықәсқәа рзы Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә отриад аҿы аррамаҵзура дахысуан.