Арадио

Ҳагԥҳа: аԥҳәыс хшыҩла ахацәа дреиҵамзаргьы, анаука мацара лҽаҭан дҟалартә алшара лымам

Жәабран 11 рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит аҭҵаарадырра знапы алаку аҳәса рымш. Аԥсуа ҭҵаарадырраҿы аԥхәыс иаанылкыло аҭыԥ атәы, насгьы уи лықәҿиарақәа зыбзоуроу атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа.
Sputnik
Ҳагԥҳа: аԥҳәыс хшыҩла ахацәа дреиҵамзаргьы, анаука мацара лҽаҭан дҟалартә алшара лымам

"Адунеи аҿы аԥҳәыс ахаҵа дааиваҟәылома ҳәа анаука аганқәа зегьы рҿы далахәуп. Ҷыдала Аԥсны акәзар, анаука аҿиара ианалага нахыс аҳәса алахәын, аха асовет аамҭа иӷәӷәаны ианышьақәгыла ашьҭахь, аҳәсагьы ахацәагьы еиҳа ишақәнагоу азыҟаҵара роуны рыԥсадгьыл иаҵагылартә еиԥш иҟалеит. Ҷыдала абызшәаҭҵаара атәы ҳҳәозар, аҭҵаарадырратә зыҟаҵара рыманы абызшәа аҭҵаара амҩа раԥхьа ианылеит Константин Шьаҟрыл Хәыхәыт Бӷажәба. Сара хаҭала сызҵазкуа урҭ рашьҭахь ицо ахԥатәи абиԥароуп. Аԥҳәыс хшыҩла ахацәа дреиҵамзаргьы, лара ишылҭахызҵәҟьа аҭҵаарадырра лхы азылкзар, убри азы мацара дааԥсо, егьырахь уиаҟара аџьабаа лымбо, убри лҽаҭан дҟалартә еиԥш аҭагылазаашьа еснагь иҟамызт. Џьоукы ус рхы рзақәыршәомызт, џьоукы инызкылоз ыҟан, ма ацхырааҩ дрымамызт, ажәакала, имаҷуп аԥсуаа рыҩнуҵҟа аҳәсақәа, алшара рыман, аха анаука аганахьала инагӡаны здыррақәа ззаарԥшыз", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҳагԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.