АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә мобилтә госпиталь иазгәанаҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы авирус зцәа иалоу ачымазцәа рхыԥхьаӡара акыр ишеиҵахаз. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
"Акоронавирустә инфекциа зманы иааиуа рхыԥхьаӡара акыр илаҟәит" ҳәа хырхарҭарацәалатәи агоспиталь аиҳабы Абдулмеджит Магомедов иажәақәа аанагоит ААО апресс-маҵзура.
Уаанӡа адырра ҟаҵан жәабран жәохә рзы Аԥсны зусура хзыркәшараны иҟаз арратә госпиталь ара аҟазаара аҿҳәара иацҵан аҭагылазаашьа иахҟьаны ҳәа.
Иахьазы арратә медусзуҩцәа рнапаҿы иҟоуп ҩеижәаҩык апациентцәа COVID-19 рыманы.
"Иарбоу аамҭала Аԥсны ауааԥсыра хнызқьҩык инареиҳаны амбулатор-консультативтә цхыраара рыҭан амобилтә госпиталь аҿы", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Агоспиталь аҿы иара убасгьы имҩаԥыргон анализқәа р-ПЦР-диагностика, Аԥсны алобараториақәа рҟынтәи иааргоз. Алабораториа аус ауанаҵы иҟаҵан 5 045 тест.
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа идәықәҵан Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа COVID-19 змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы идыргылеит жьҭаара 20 рзы.
Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 112-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи. Ари агоспиталь иҟоуп алабораториа, арентген ауада, еиқәыршәоуп арԥҳақәа аҳауарҭарсгақәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа рыла. ПЦР-анализқәагьы аҭыԥан иҟарҵалон.