АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik, Мариа Науменко. Аԥсны Урыстәылеи Ермантәылеи реихамҩатә еимадара апроект аҽалархәра ишазыхио азгәанаҭеит аха аекспертцәа агәра ганы иҟоуп Қарҭ уи ишақәшаҳаҭымхо.
"Қырҭтәылеи Урыстәылеи, Қырҭтәылеи Ермантәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа анышьақәгылам аихамҩатә еимадара апроект алацәажәара заауп", - ҳәа иҳәоит аполитолог Артур Атаев.
Иара убри аҩыза агәаанагара имоуп МГИМО Кавказ апроблемақәеи арегионалтә шәарҭадареи Рцентр аусзуҩ еиҳабы Николаи Силаев.
"Қарҭи Аҟәеи еилацәажәар акәхоит атранзит азы. Уи иаанаго Аԥсны ахьыԥшымра де-факто азхаҵароуп. Қырҭтәыла уи иақәшаҳаҭхом", - ҳәа иҳәеит иара.
Ақырҭуа напхгара рпозициа арԥсыҽра иацхраар ауеит аекономикатә жәалагалақәа. Уи алшеит ЕгрыГЕС аицхархәараан. Аха атранспорттә магистраль ҿыц Қырҭтәылаз аекономикатә феида дук анаҭом ҳәа рҳәоит аекспертцәа.
"Амҩа Қырҭтәыла ианаҭо атранзит феидоуп. Уи маҷӡоуп, избанзар Ермантәыла атауармҩангара рацәа алшом. Уи адагьы Қырҭтәылеи, Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа ԥхасҭахар ауеит", - ҳәа азгәеиҭеит СПбГУ жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рфакультет акафедра адоцент Ниази Ниазов.
Аԥсны иаднагалаз хра змам проектуп ҳәа ишьоит Артур Атаев.
"Аахыҵ Кавказтәи аихамҩа ахәҭа еихамҩак ауп иамоу. Уи иунарбоит ара инагӡоу ахархәара шыҟамыз. Аахыҵ Кавказтәи аихамҩа ахархәаратә апогеи 1970-тәи ашықәсқәа ирыҵаркуеит. 1985-тәи ашықәс азы иубартә аидарамҩангара каҳаит. Убасеиԥш иҟалеит апассаџьырцәа рымҩангараҿгьы", - ҳәа иҳәоит аексперт.
Ҟарабахтәи аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы аус адырулоит Ермантәылеи Азербаиџьани рыбжьара аихамҩатә еимадара аиҭашьақәыргылара.
"Уи адагьы ааигәа идәықәҵан аекспорт дәыӷба Ҭырқәтәылантәи Урыстәылаҟа, амагистраль Бақәа-Қарҭ- Ҟарс ала. Анкареи Бақәеи амеигәырӷьозар акәхап Ермантәылеи Урыстәылеи реихамҩатә еимадара", - ҳәа иҳәеит Аахыҵ Кавказ азы аексперт Андреи Арешев.
Адунеитә практикаҿы иҟоуп аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхазымҵо егьи аҳәынҭқарреи иареи атранспорттә еимадара анрымоу. Убас, Китаии Таивани аҳаиртә еимадара рыбжьоуп, Молдовеи Приднестровьеи аимадара рымоуп.
Ажьырныҳәа 11, 2021 шықәсазы Владимир Путин дырԥылеит Азербаиџьан ахада Ильхам Алиеви Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниани. Аиԥылараҿ иӡбан атәылақәа рыбжьара аихамҩатә еимадара ахацыркра.
Иазԥхьагәаҭоуп аихамҩа Азербаиџьан мрагыларатәи ахәҭала ииасуеит, Ермантәылагьы 1992 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны Урыстәылаҟа адәыӷбақәа дәықәнаҵап, иара убасгьы Иран ахь анеирҭа аиууп ҳәа. Бақәа акәзар 30 шықәса раахыс Нахичевантәи автономтә республикеи Ҭырқәтәылеи аҽрымадара алшо иҟалоит.