Олег Етлухов аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара ианашьоуп

Анашьаратә церемониа мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы. Аслан Бжьаниа Етлухов идиныҳәалеит иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа аиура, изеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыԥ, ақәҿиарақәа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Олег Етлухов аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара ианеишьеит Аԥсны аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Олег Етлухов аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара ианеишьоуп Аԥсни Ҟарачы-Черқьесиеи ажәларқәа реиҩызара арӷәӷәаразы, амилаҭтә литература арҿиареи аларҵәареи рзы.

"Сара аҳамҭақәа соухьан аԥсуа жәлар рԥацәа иашақәа– Владислав Григори-иԥа Арӡынбеи Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшьи рнапаҟынтә. Сара сзы иҳаҭыр дууп шәара, Аслан Гьаргь-иԥа шәҟынтәгьы сџьа маҷ асеиԥш ахәшьара ҳарак ахьаиуз", - иҳәеит Етлухов.

Олег Етлухов абаза ҵарауаҩ, аҭҵаарадырыҩ, ашәҟәыҩҩы, аекономикатә наукақәа рдоктор, еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩ.

Анашьаратә церемониа мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы. Аслан Бжьаниа Етлухов идиныҳәалеит иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа аиура, изеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыԥ, ақәҿиарақәа.