Аслан Бжьаниа астанциа маҷ "Аҟәа 1" аусушьа гәеиҭеит

Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҿы амцакра ҟалеит ԥхынҷкәынмза 2020 шықәсазы, иара Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҭашьақәыргылара иаҿуп.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 13-Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа астанциа маҷ "Аҟәа 1" аусушьа гәеиҭеит, абри атәы аанацҳауеит ипресс-маҵзура.

Аслан Бжьаниа астанциа маҷ "Аҟәа 1" аусушьа гәеиҭеит

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани, "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуеи, Акапитатә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрбеи еицны игәарҭеит афымцеихшарҭатә маругақәеи, аҷаԥшьаратә пультқәеи русушьа.

Михаил Логуа Атәыла ахада еиҳәеит, астанциа маҷ аҟны, Аинвестпрограммала имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахыркәшарахь инеиуеит ҳәа.

Бжьаниа иҳәеит аԥсуа енергетика шәарҭарыда аус аурц азы заҟа аԥара аҭаху

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Instagram аҿтәи лдаҟьаҿы икьыԥхьу авидеоҟны Акапитатә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба иҳәоит аусурақәа зегьы 190 миллион мааҭ шақәхарџьхо. Агрба иажәақәа рыла, амаругақәа зегьы аҭыԥан ишьҭоуп, уажәы рышьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥыргоит.

Агрба иҳәеит аусурақәа хыркәшахоит мшаԥымза 20, 2021 шықәсазы.

Атәыла ахада Аслан Бжьаниа аусурақәа ахәшьара зиа аиҭеит, ирабжьеигеит ианаамҭоу ихдыркәшарц.

"Аҭагылазаашьа уадаҩуп. Иӡбтәуп ари апроблема, уахгьи-ҽынгьи аус ааургьы", - иҳәеит ахада.ҿ

Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5, 2020 шықәсазы. Убри иахҟьаны Аҟәа агәи мраҭашәаратәи ахәҭеи, иара убас Иашҭхәа ақыҭеи мышқәак фымцалашарада иаанхеит. Иҟалаз авариа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы АУН "Амшынеиқәафымцамч" амчқәа зегьы адԥхьалан.