Аԥсныҟа закәаншьаҭада абџьар алагалара аԥырҟәҟәаауп

Аахаҭагатә бџьари аџьаԥҳани аҳәааҿ иааныркылеит Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа ԥхьаҟатәи аусҭҵаарақәа рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауаз автомашьынаҿ аҳәаахьчаҩцәа ирбеит аахаҭагатә тапанча "ИЖ-79-9Т", жәиԥшь патрона ацны ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Абџьари аџьаԥҳани ишьақәыргыло аԥҟарала изтәыз имхуп аекспертиза рзуразы, ахатәтәҩы иумҭа ахәшьара аҭаразы.

Урыстәылатәи азакәанԥҵара инақәыршәаны Урыстәыла абџьар алагалареи алгареи азин ҟаҵоуп абџьареикәыршара аусхк аҟны азинмчра змоу анагӡаратә мчра афедералтә усбарҭа ақәшаҳаҭрала.