COVID-19 зыдбалаз аԥҳәыс лыԥсҭазара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12059-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 11765-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 192-ы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 238-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 34-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1971 шықәсазы ииз апациентка. Илзышьақәырӷәӷәан акоронавирустә инфекциа ҿыц, ачымазара хада ицәырнагаз ауадаҩра - ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 75-ҩык, урҭ рахьтә 61-ы акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 28-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 32-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит фҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - фҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 21-ы, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 23-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>