Гәдоуҭа араион ахәҭак фымцалашарада инхеит

Аҳауатә цәаҳәа "Мысра" аҟны авариа ҟалеит, аремонтҟаҵаҩцәа рыбригада аҭыԥ ахь инеит, аусурақәа рымҩаԥгара иаҿуп.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 13-Sputnik. Аҳауатә цәаҳәа "Мысра" аҟны иҟалаз авариа иахҟьаны астанциа маҷқәа Мысра, Гудаута-110, Гәдоуҭа (Т-1), Лыхны аҟнытә афымца зауаз абонентцәа фымцалашара инхеит ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".

Иазгәаҭоуп, аремонтҟаҵаҩцәа рыбригада авариа ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит, аусурақәа рымҩаԥгара иаҿуп.

Ахәаша, жәабран 12 рзы фымцалашарада иҟан Гәылырԥшь, Очамчыра, Гал араионқәа, иара убас Тҟәарчал мраҭашәаратәи ахәҭа. Аусура аанкылан авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" Урыстәыла аҵакыраҿы авариа ахьыҟалаз азы.