АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 230-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 47-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Жәабран 15 рзы Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 76 шықәса зхыҵуаз апациент. Идиагноз хада - акоронавирустә инфекциа ҿыц.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 74-ҩык, урҭ рахьтә 59-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 17-ҩык, ибжьаратәуп - 25-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 27-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит жәҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - фҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 23-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 23-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>