"Маҷ-маҷ ҳтехника аиқәыршәара ҳаҿуп, иахьазы техникала ҳаизибархартә ҳаҟоуп. Атрактор амаҭәахәқәа, аиашазы, уахь Урыстәылаҟагьы рыхқәа халеит, аха ус иҟазаргьы ақыҭауаа ҳрыхәартә ҳаҟоуп, ҳусура аанкылахом уи азы. Еиқәыршәаны иҳаргылахьоу 17 трактор ыҟоуп, егьыс 24 трактор ҳамоуп ацәаӷәагақәа. Амшқәа шышьақәгылалак, анхацәа ҳадҵаало ишалагалак, аусура аанаҳкылом… Ацәаӷәарақәа рнаҩсгьы, ақыҭанхамҩаҟны иҵысуа еиуеиԥшым ачымазарақәа рыхәшәтәразы техникала ҳаиқәшәоуп. Ақыҭа аганахь ихьаԥшуа маҷк иаҳа ирацәахо иалагеит. Аҿар иаҳа иадҵаало иалагеит ауҭраҭых аарыхра, ашәыр ааӡара. Ацәаӷәара гектарк 3 нызқь мааҭ ақәын, аҳәҳәага ахьшьра убас. Уадаҩрас иҟоу атракторқәа рымаҭәахәқәа 20-30 процент рҟынӡа рыхәқәа ахьхалаз ауп. Ақыҭанхамҩа аминистрраҟынтәи агәыӷра ҳарҭоит иахьынӡалшо ала ацхыраара шыҟаҵахо", - иҳәеит Шоуа.
Иара убасгьы еиҭеиҳәеит амашьына-трактортә станциа абиуџьет шаҟа мааҭ артәо, атрактор арныҟәцаҩ ауалафахәы шизоурыжьуа атәы.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: