Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Шьоууа: аҿар иаҳа ихьаԥшуа иалагеит ақыҭахь, аарыхратә усқәа рахь

© Sputnik / Томас ТхайцукВячеслав Шоуа
Вячеслав Шоуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2021
Анапаҵаҩра
Адгьыл ақәаарыхразы ааԥынтәи аусқәа иахьынӡарызхиоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыратәи амашьына-трактортә станциа аиҳабы Виачеслав Шьоууа.
Шоуа: аҿар иаҳа ихьаԥшуа иалагеит ақыҭахь, аарыхратә усқәа рахь

"Маҷ-маҷ ҳтехника аиқәыршәара ҳаҿуп, иахьазы техникала ҳаизибархартә ҳаҟоуп. Атрактор амаҭәахәқәа, аиашазы, уахь Урыстәылаҟагьы рыхқәа халеит, аха ус иҟазаргьы ақыҭауаа ҳрыхәартә ҳаҟоуп, ҳусура аанкылахом уи азы. Еиқәыршәаны иҳаргылахьоу 17 трактор ыҟоуп, егьыс 24 трактор ҳамоуп ацәаӷәагақәа. Амшқәа шышьақәгылалак, анхацәа ҳадҵаало ишалагалак, аусура аанаҳкылом… Ацәаӷәарақәа рнаҩсгьы, ақыҭанхамҩаҟны иҵысуа еиуеиԥшым ачымазарақәа рыхәшәтәразы техникала ҳаиқәшәоуп. Ақыҭа аганахь ихьаԥшуа маҷк иаҳа ирацәахо иалагеит. Аҿар иаҳа иадҵаало иалагеит ауҭраҭых аарыхра, ашәыр ааӡара. Ацәаӷәара гектарк 3 нызқь мааҭ ақәын, аҳәҳәага ахьшьра убас. Уадаҩрас иҟоу атракторқәа рымаҭәахәқәа 20-30 процент рҟынӡа рыхәқәа ахьхалаз ауп. Ақыҭанхамҩа аминистрраҟынтәи агәыӷра ҳарҭоит иахьынӡалшо ала ацхыраара шыҟаҵахо", - иҳәеит Шоуа.

Иара убасгьы еиҭеиҳәеит амашьына-трактортә станциа абиуџьет шаҟа мааҭ артәо, атрактор арныҟәцаҩ ауалафахәы шизоурыжьуа атәы.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0